Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Кьалашәыр амшын иахьалало ҩыџьа ауаа еиқәдырхеит

Ашьхаӡиасқәа амшын иахьалало аӡаҵаҟатә цәқәырԥара ҟалоит, ухәыҵанагалар алшоит, ара аӡҭалара шәарҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны АҶА зышәагаа кьаҿу аӷбақәа рзы Аҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ҩыџьа ауаа Кьалашәыр аӡы амшын иахьалало еиқәдырхеит. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Аиқәырхаҩцәа аинформациа роуит аӡы километраки бжаки аԥҳәыс амшынгәы даланагалеит, лхала дзыхынҳәуам ҳәа. Уи леиқәырхара иҽазишәеит иҟалаз збаз аҭыԥантәи анхаҩы.
Ашьхаӡиас Кьалашәыр амшын иахьалало аӡаҵаҟатә цәқәырԥара ҟалоит, ухәыҵанагалар алшоит, ара аӡҭалара шәарҭоуп. Аиқәырхаҩцәа ахьӡеит рҩыџьагьы реиқәырхара.
АҶА иазгәанаҭоит адыргақәа шыҟоугьы ари аҭыԥ аҿы ауаа амшын рҭалара шырзаанымкыло.