Аԥсны асасцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи адырра рырҭоит аӡиа Риҵа аҭалара шшәарҭо

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра адыррала, Сталин идача аганахь ала атуристцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи аплиаж еиҿыркааит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Аӡиа Риҵа ауаа рацәа рҽахьыркәабо ҭыԥхеит, ари агәҭынчымра азаадырԥшуеит аиқәырхаҩцәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.
Аусбарҭа иазгәанаҭоит аӡиаҿы аӡҭалара зынӡа ишыҟамло, аԥсҭазаараз ашәарҭара шацу.
Аиқәырхаҩцәа ишырҳәо ала Риҵа аҵа ҭҵаам, арелиеф еилаԥсоуп, ихьшәашәоуп, иалало аӡиас Лашыԥсы акәзар аӡаҵаҟатә мҩасра ӷьуп, ари зегьы ашәарҭара рыҵоуп.