Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьапуа Гал иалоу арахә рызҵаара аӡбара ахьынӡанагоу атәы

Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьапуа ақалақь иалоу арахә раанкылара азҵаара ишазнеиз атәы дазааҭгылеит арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
"…Арахә адыргацраҳәақәа рыҭаны ақалақь аҟны ианцәырҵлак, аҭыԥ рзоужьны иҟоуп ҩымш-хымш иаанкыланы иахьрымоу, изтәу аԥшәма дашьҭаланы днеиаанӡа. Убасгьы араионтә еизарахь ақалақьтә нхамҩа ажәалагалала даҽа проекткгьы нашьҭын, ақалақь иалоу арахә рзы ахараԥса ршәаларц. Раԥхьа ианааныркыло - 500 мааҭ, уи ашьҭахь - 2 нызқь мааҭ рықәырҵаларц. Иахьазы хышә хы инареиҳаны арахә адыргацраҳәақәа рырҭахьеит. Ҳазҭоу амза нҵәаанӡа даҽа 1 500 хы ирырҭараны иҟоуп. Ус еиԥш иҟоу арахә аԥшәмацәа иаҳа ахылаԥшра ҟарҵоит рыжәқәа ақалақь иалымларц азы", - иҳәеит Џьапуа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.