Аԥсны даҽа 105-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23199-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 18427-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 334-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 422-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 105-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы хҩык ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит, 38, 82, 79 шықәса зхыҵуа аҳәса.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 74 шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 159-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 34-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 25-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 37-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>