АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны иаадыртуеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы абжьыҭара ҭыԥқәа жәба. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла ААК асаит.
Мандатктәи алхырҭатә округ иадҳәалоу аҭыԥқәа аартхоит Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Аҟәа абжьыҭара ҟалоит мандатктәи аокруг № 44 Забаикалтәи атәылаҿацә – Дауртәи мандатктәи алхырҭатә округ, мандатктәи аокруг № 90 Воронежтәи аобласт – Павловсктәи мандатктәи алхырҭатә округ.
Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал - мандатктәи аокруг № 111 Ленинградтәи аобласт – Всеволожсктәи мандатктәи алхырҭатә округ.
Гагреи Пицундеи - № 158 Самаратәи аобласт – Самаратәи мандатктәи алхырҭатә округ.
Аҳәынҭқарратә Дума хәышықәса ҳәа иалырхуеит еилаԥсоу алхратә системала: 225 депутат апартиатә сиақәа рыла, 225 депутат – мандатктәи аокругқәа рыла.
Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла, Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара, Шанхаитәи аусеицуразы аиҿкаара, Европатәи ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа, аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра Апарламенттә ассамблеиа аиҿкаара, Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара, Амшынеиқәатә економикатә усеицура Апарламенттә Ассамблеиа, аиашахаҵаратә дин Апарламентбжьаратә ассамблеиа реиԥш иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтәи анаԥшцәа раара.