"Гиви Григори-иԥа дшыҷкәыныз амаҵура дуқәа ныҟәигон. 26 шықәса анихыҵуаз Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан… Аботаникатә баҳчахь аусура даннеиуаз ҩыџьа заҵәык ракәын аԥсуаа уа аус зуаз. Иара ибзоурала аԥсуа ҿар хәыҷы-хәыҷла аспирантурахь ицо иалагеит. Иара дпатриот дуун. Усҟан Аботаникатә баҳча Қарҭ академиа иаҵанакуан. Амашьынаныҟәцаҩ дуԥсахуазаргьы, уа уҵаар акәын. Ауадаҩра дуқәа раамҭазы Гиви Григори-иԥа илшаз даара ирацәоуп", - иҳәеит Гәбаз.
Гиви Аиба - Қарҭтәи ақыҭанхамҩатә институт даушьҭымҭан (1949 – 1954 годы). 1959 шықәса рзы Н.И. Вавилов ихьӡ зхыз Аҭҵаарадырратә институт даспирантхеит.
Акандидаттә диссертациа хьчаны Аԥсныҟа дхынҳәит. 1964 шықәса рзы Гиви Аиба Аҟәатәи Аботаникатә баҳча адиректорс аусура далагоит, аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡагьы уа аус иуан. Аҵарауаҩ иԥсҭазаара далҵит 2002 шықәса рзы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.