Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәбаз Гиви Аиба изы: иеиԥш зылшоз аҵарауаа Аԥсны имаҷӡоуп

© SputnikЭдуард Губаз
Эдуард Губаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рахьтә раԥхьатәи абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гиви Аиба диижьҭеи 85 шықәса ҵит нанҳәа 10 рзы. Арадио Sputnik аефир аҟны аҵарауаҩ дигәалаиршәеит, уи аҭҵаарадырраҟны илагала атәы далацәажәеит Аботаникатә институт аиҳабы Едуард Гәбаз.
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Гәбаз аҵарауаҩ Гиви Аиба изкны
"Гиви Григори-иԥа дшыҷкәыныз амаҵура дуқәа ныҟәигон. 26 шықәса анихыҵуаз Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан… Аботаникатә баҳчахь аусура даннеиуаз ҩыџьа заҵәык ракәын аԥсуаа уа аус зуаз. Иара ибзоурала аԥсуа ҿар хәыҷы-хәыҷла аспирантурахь ицо иалагеит. Иара дпатриот дуун. Усҟан Аботаникатә баҳча Қарҭ академиа иаҵанакуан. Амашьынаныҟәцаҩ дуԥсахуазаргьы, уа уҵаар акәын. Ауадаҩра дуқәа раамҭазы Гиви Григори-иԥа илшаз даара ирацәоуп", - иҳәеит Гәбаз.
Гиви Аиба - Қарҭтәи ақыҭанхамҩатә институт даушьҭымҭан (1949 – 1954 годы). 1959 шықәса рзы Н.И. Вавилов ихьӡ зхыз Аҭҵаарадырратә институт даспирантхеит.
Акандидаттә диссертациа хьчаны Аԥсныҟа дхынҳәит. 1964 шықәса рзы Гиви Аиба Аҟәатәи Аботаникатә баҳча адиректорс аусура далагоит, аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡагьы уа аус иуан. Аҵарауаҩ иԥсҭазаара далҵит 2002 шықәса рзы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0