АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театри алаҳәара ҟарҵоит 2022 шықәсазы Аԥснынтәи 15-ҩык Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу аҵараиурҭахь адкыларақәа шымҩаԥырго. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра.
Арзаҳалқәа рыдкылареи, иахәҭоу аинформациа аиуреи мҩаԥгахоит РУСДРАМ аҿы заанаҵтәи аҭаҩрала абри аҭел ала +7940 700-76-66.
Аҵара аамҭа – ԥшьышықәса, латәаралатәи аҵара, азанааҭ "Актиортә ҟазара". Аԥснытәи астудентцәа рзы аҵара хәыда-ԥсадоуп. Аинститут аушьҭымҭацәа адиплом ранашьахоит "Адраматә театри акинои рартист" азҟаза ҳәа.
РУСДРАМ адиректор Иракли Хынҭәба ари ахҭыс ахҳәаа аҭо иҳәеит аҭоурыхтә ҵак шамоу, уажәраанӡа ари аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа Аԥсны аус рымуыцызт ҳәа.
Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа (аинститут) Москва ижәытәӡатәиу атеатртә школқәа иреиуоуп. Иара аҭоурых иахыҵхырҭоуп аимператор Александр I ԥхынҷкәын 28 1809 шықәсазы ишьақәирӷәӷәаз Москватәи аимператортә театртә ҵараиурҭа. Ақәра дуи анысымҩа беиеи здыҟам школаны иҟарҵоит актиортә ҟазара аусхк аганахь ала.