Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы пациентк иԥсҭазаара далҵит арԥҳақәа аҳауарҭарсга аҿыҵра иахҟьаны

Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 150-ҩык ачымазаҩцәа, урҭ рахьтә рҭагылазаашьа уадаҩуп 30-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11– Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы афымцамчхара аиҭасра иахҟьаны арԥҳақәа аҳауарҭарсга ахьарцәаз азы иԥсҭазаара далҵит 1957 шықәса рзы ииз апациент, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра. Даҽа хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, афымцалашара аиҭасра иахҟьаны арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа русура еиԥҟьеит, ареанимациатә палатақәа ҩба рахь аҵәыҵәри анашьҭра аанкылахеит. Аҳақьымцәа ачымазцәа рыԥсеиқәырхара рҽазыршәеит, аха аӡәы иԥсҭазаара далҵит.
Ахәшәтәырҭаҿы иҟоуп агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи апрокуратура хада ахаҭарнаки. Иҟалаз ахҭыс азы аусҭҵаара мҩаԥгахоит.