Анқәаб: Гәдоуҭатәи агоспиталь акомпиутертә томографиа аиҭашьақәыргылара ауӡом

Гәдоуҭатәи агоспиталь акомпиутертә томографиа аусура еиԥҟьеит афымцалашара ахалара-алаҟәра иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Гәдоуҭатәи агоспиталь акомпиутертә томографиа аиҭашьақәыргылара ауӡом, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр Александр Анқәаб ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы.
Иара иҳәеит аппарат ҿыц шаахәатәу, уи 60 миллион мааҭ инеиҳаны ишақәхарџьхо.
Аиҳабыра атомографиа ҿыц аахәаразы ажәалагала азнархиоит абиуџьет аԥсахра алагалазарц.
Акомпиутертә томографиа аппарат 2020 шықәса цәыббрамзазы Гәдоуҭатәи агоспиталь азы иаахәан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: