АҞӘА, нанҳәа 12– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 392-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 84-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ԥшьҩык: 57 шықәсеи, 64 шықәсеи, 68 шықәсеи зхыҵуаз хҩык ахацәеи, 71 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыски.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 152-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 36-ҩык, ибжьаратәуп - 52-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 26-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 39-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 14-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>