Даҽа пациенткак лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы афымцамчхара аиҭаԥара иахҟьаны

Нанҳәа 11 азы Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь ачымазаҩ иԥсҭазаара далҵит афымцалашара аиҭаԥара иахҟьаны, хҩык рҭагылазаашьа уадаҩын.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы афымцамчхара аиҭаԥара иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит 1949 шықәса рзы ииз даҽа пациенткак, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
Быҭәба: COVID-19 аҭагылазаашьа уадаҩуп, аха иҭышәынтәалоуп
"Лҭагылаазаашьа акырӡа иуадаҩын", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Афымцамчхара аиҭаԥара аӡәырҩы ргәабзиара ианыԥшит.
"Аӡәы иҭагылазаашьа ҭышәынтәалахеит, уаанӡатәи арбагақәа рахь дхынҳәит. Аҩбатәи апациен иакәзар иҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп", - рҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҟны.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Акоординациатә штаб аилатәараҿы иҳәеит, зыԥсҭазаара иалҵыз Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь ачымазаҩ СИПАП-терапиа дахысуан, ирыԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭадырсуан .
Аминистр иажәақәа рыла, уажәы заанаҵтәи аусҭҵаара мҩаԥысуеит.