АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь апансионат "Аиҭар" аҿы аҭыԥ азалххоит, абри атәы иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Акоординациатә штаб аилатәараҿы.
Быҭәба иҳәеит уаанӡа ареспублика Урыстәылаҟа ацхырааразы ашәҟәы шынанашьҭыз.
"Ишыжәдыруа аиԥш Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аара ҳазыԥшуп. Амобилтә госпиталь апансионат "Аиҭар" аҿы аҭыԥ азалххоит, иахәҭоу асанитартә нормақәа зегьы ирықәныҟәахоит", - иҳәеит аминистр.
Амобилтә госпиталь ареспубликахь ианаауа аминистр иазгәеимҭеит.
2020 шықәса жьҭаара 20 рзы Аԥсны аусура иалагеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь. 2021 шықәса хәажәкыра 1 азы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара анымҩаԥнага ашьҭахь есымшатәи агыларҭахь ихынҳәит.
Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.