АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Аҟәа ахадара атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит амассатә уснагӡатәқәа рыҽрыцәхьаркырц иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
"Аԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш, Аԥсны ажәлар ҭынчаамҭала инхаларц, хәыҷи-дуи агәабзиара рымазаарц еибашьуан, рыхгьы ақәырҵеит ҳфырхацәа. Сынтәа атәылаҿы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа азхьаԥшра аҭаны абжьгара ҟаҳҵоит ауаа рацәа ахьеизо анеира шәҽацәхьашәкырц. Иахьазы еиҳа ихадараны иҟоу ажәлар ргәабзиара ахьчароуп, ашәарҭара рацәыхьчароуп", - аҳәоит ааԥхьамҭаҿы.
Есышықәса, нанҳәа 14 – Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара амш аҽны ареспубликаҿ аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәоит: Ахьӡ-аԥша апарк ахь ашәҭшьыҵәрақәа наргоит, амемориалтәи агәалашәаратәи ҭыԥқәа ирҭаауеит.
Иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит уаҵәы, асааҭ 10:00 азы.
Аԥсны Акоординациатә штаб адыррала COVID-19 зыхьхьоу рҟынтәи аҳҭнықалақь иаҵанакуеит 42%.