Аҟәа ахәыҷтәы хәшәтәырҭа ҿыц ахьдыргылаша аҭыԥ алырхит

Амедусҳәарҭа аргылара мҩаԥгахоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13- Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Ареспубликатә хәшәтәырҭа ааигәара ахәыҷтәы хәшәтәырҭа ҿыц ахьдыргылаша аҭыԥ иахәаԥшит. Абри атәы аанацҳауеит Аекономика аминистрра апресс-маҵзура.
Арадио
Џьопуа ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ҿыц аусуразы: акадрқәа рызҵаара иахьоуп ианыӡбатәу
Озгани Быҭәбеи реиԥш иара убасгьы арахь иааит ареспублика аҳақьым хада Лиудмила Скорик, ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа, Аԥсны акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.
Аргылара иалагоит Агәабзиарахьчара аминистрреи Аԥсны Асанитар-епидемиологиатә маҵзура иахәҭоу ашәҟәқәа аназдырхиалак.
Уаанӡа арадио Sputnik аинтервиу аҭо, Игор Џьопуа иҳәахьан ахәшәтәырҭа аргылараз Аинвестпрограммала 200 миллион мааҭ шоужьу.