Аԥсны Урыстәылаҟа азыҳәа нанашьҭит шә-нызқь доза алаҵа аиуразы

Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҟны акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара еиҭахацыркхеит нанҳәа 10 инаркны "Спутник Лайт" ала.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Урыстәылаҟа азыҳәа нанашьҭит COVID-19 аҟынтәи шә-нызқь доза алаҵа аиуразы ҳәа иҳәеит Акоординациатә штаб аилатәараҿы аԥыза-министр Александр Анқәаб.
"Ҳзыҳәа Урыстәыла аиҳабыра рҿы ишьҭоуп. Алаҵа ҟалоит, аха ианыҟало арыцхә сызшәаҳәом. Ари аус ҳнапы алакуп Аслан Гьаргь-иԥа, сара, агәабзиарахьчара аминистр", - иҳәеит иара.
Алаҵа аагара азҵаара имариоу акәым, COVID-19 Урыстәылеиԥш адунеи зегь ахьамҽханакыз азы. Уи адагьы урыстәылатәи алаҵа зҭаху атәылақәа рацәоуп иҳәоит аиҳабыра рхада.
Еилкаахеит урыстәылатәи амобилтә госпиталь ахьыҟало аҭыԥ
"Урыстәылатәи алаҵа зҭаху атәылақәа рацәоуп. Уи агәра ргоит. Аҭыжьра еиҳа-еиҳа еизҳауеит. Аӡәгьы цас акгьы ҟаиҵом. Уи еилкаауп. Ҳаԥшып, хара имгакәа иҳауп ҳәа ҳгәы иаанагоит", - иҳәеит аԥыза-министр.
"Спутник V" актәи апартиа 4000 доза 6,9 миллион мааҭ ҳәа иаахәан 2021 шықәса мшаԥымзазы. Даҽа 2500 доза агуманитартә цхыраара ҳәа Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭит.
Алаҵа "Спутник Лайт" хә-нызқь доза Аԥсныҟа иааган нанҳәа 6 рзы. Ари апартиа аахәареи Аԥсныҟа аашьҭра аиҿкаареи ихахьы игеит Москватәи Аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба.
Лаҵарамза алагамҭазы еилкаахеит акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы ишҭаргалаз. Иара ауаҩытәыҩса 85% ихьчара алшоит.