Аԥсны акоронавирус даҽа 69-ҩык ирыдырбалеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23456-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 19117-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 341-ы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 378-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 69-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 66 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 148-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 40-ҩык, ибжьаратәуп - 53-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 26-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 44-ҩык, урҭ рахьтә 11-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>