АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза Шереметьево иагәҭакуп атуроператортә еилахәыра "Библио-Глобус" 75 процент ахәҭа аахәара ҳәа аанацҳауеит Атуроператорцәа р-Ассоциациа.
Уажәы аганқәа иахәҭоу адокументқәа реиқәыршәара иаҿуп. Аилаӡара азԥхьагәаҭоуп 2021 шықәса цәыббрамзазы амҩаԥгара. Аилаӡара афинанстә ҟазшьа иалацәажәом.
"Вестник АТОР" ишазгәанаҭо ала, ИАЕ "ТУРОПЕРАТОР БГ" аԥҟаԥҵәатә капитал аҟынтәи 75% аиура шьаҿа дууп астратегиатә хықәкқәа рынагӡаразы, атуристцәа радԥхьаларазы, аҳаиртә баӷәаза атерминалтә комплекс аинфраструктура ахархәаразы, Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Шереметьево Аилахәырақәа ргәыԥ ааглыхратәии акомерциатәии хра аизырҳаразы".
2019 шықәсазы "Библио-Глобус" Thomas Cook иахәҭакхар алшон аха аилахәыра абанкротра аилаӡара еиҵанаҟьеит.
Атуроператорцәа р-Ассоциациа (АТОР) алахәыла "Библио-Глобус" Урыстәыла атуроператортә еилахәырақәа иреиӷьу хԥа ирыҵанакуеит. Иара аԥаразоужьра мҩаԥнагеит Тамшь ақыҭан акомплекс "Тамыш Village" аргылараан.