"Библио-Глобус" аинвестор ҿыц даиуит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовый пассажирский терминал B аэропорта "Шереметьево"
Новый пассажирский терминал B аэропорта Шереметьево - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2021
Анапаҵаҩра
Атуроператорцәа р-Ассоциациа (АТОР) алахәыла "Библио-Глобус" Урыстәыла атуроператортә еилахәырақәа иреиӷьу хԥа ирыҵанакуеит.
АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза Шереметьево иагәҭакуп атуроператортә еилахәыра "Библио-Глобус" 75 процент ахәҭа аахәара ҳәа аанацҳауеит Атуроператорцәа р-Ассоциациа.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Урыстәылатәи атуроператорцәа Аԥсны акурортқәа ԥхынгәы-нанҳәа рзы рыҭәра атәы иалацәажәеит
Уажәы аганқәа иахәҭоу адокументқәа реиқәыршәара иаҿуп. Аилаӡара азԥхьагәаҭоуп 2021 шықәса цәыббрамзазы амҩаԥгара. Аилаӡара афинанстә ҟазшьа иалацәажәом.
"Вестник АТОР" ишазгәанаҭо ала, ИАЕ "ТУРОПЕРАТОР БГ" аԥҟаԥҵәатә капитал аҟынтәи 75% аиура шьаҿа дууп астратегиатә хықәкқәа рынагӡаразы, атуристцәа радԥхьаларазы, аҳаиртә баӷәаза атерминалтә комплекс аинфраструктура ахархәаразы, Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Шереметьево Аилахәырақәа ргәыԥ ааглыхратәии акомерциатәии хра аизырҳаразы".
2019 шықәсазы "Библио-Глобус" Thomas Cook иахәҭакхар алшон аха аилахәыра абанкротра аилаӡара еиҵанаҟьеит.
Атуроператорцәа р-Ассоциациа (АТОР) алахәыла "Библио-Глобус" Урыстәыла атуроператортә еилахәырақәа иреиӷьу хԥа ирыҵанакуеит. Иара аԥаразоужьра мҩаԥнагеит Тамшь ақыҭан акомплекс "Тамыш Village" аргылараан.
Ажәабжьқәа зегьы
0