XIX афестиваль "Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." ҭагалан имҩаԥгахоит

"Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аҳәаақәа ирҭагӡаны нанҳәазы имҩаԥысран иҟаз аконцертқәа аковидԥырҟәҟәааратә уснагӡатәқәа ирхырҟьаны рыҿҳәара инахан.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. XIX афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аҳәаақәа ирҭагӡаны нанҳәазы имҩаԥысран иҟаз аконцертқәа аковидԥырҟәҟәааратә уснагӡатәқәа ирхырҟьаны ҭагалан ахь рыҿҳәара инахоуп ҳәа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа изеиҭалҳәеит Хьыбла Герзмааԥҳа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аконцертқәа ҟалаӡом
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа нанҳәа 12 азы дидикылеит адунеи аҟны еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааԥҳа.
Аҳәынҭқарра Ахада аоператә шәаҳәаҩы илыдиныҳәалеит алитературеи аҟазареи русхк аҟны иналукааша аихьӡарақәа рзы иланашьоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә ԥхьахә.
"Иҭабуп сҳәарц сҭахуп Ахада официалла сыдныҳәаларазы ааԥхьара ахьсиҭаз", - лҳәеит Хьыбла Гьерзмаа аиԥылара ашьҭахь Аҳәынҭқарратә телехәаԥшра иалҭоз аинтервиу аҿы. 
"Зегьы ҳрылацәажәеит. Аԥсны иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа атәы. Ишыжәдыруеиԥш, ҳфестиваль ахаҳгеит. Ҭагалан ҳҽазыҟаҳҵоит. Жьҭаарамза 8 рзы Екатерина Ганелинеи сареи ҳсолотә концерт мҩаԥысраны иҟоуп. Сҩыза Евгени Паланти сареи Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа 90 шықәса ахыҵра инамаданы ароиаль ҳамҭас иаҳҭоит. Анаҩс, абҵарамза 8 рзы имҩаԥысуеит "Москва авиртуозцәа" злахәу аоркестр зцу асолотә концерт. Сгәы иаанагоит амаестро Спиваковгьы даҳзаауеит ҳәа. Хымԥада Петербургтәи "Ваганов" ишкол иҭоу ҳбалерина қәыԥшгьы дҳаманы ҳаауеит. Сара уи даара слызгәдууп", - лҳәеит лара. 
Зеижәтәи афестиваль Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс театр аҟны имҩаԥысуеит.
"Раԥхьаӡа иргыланы, зегьы ҳгәы бзиаз, абри ауп ихадароу. Зегьы агәабзиара шәзеиӷьасшьоит", - лҳәеит Хьыбла Герзмааԥҳа.
Азеижәтәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысраны иҟан Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Герзмааԥҳа, Аҳәынҭқарратә камертә оркестр "Виртуозы Москвы" (анапхгаҩы - СССР жәлар рартист Владимир Спиваков), Санкт-Петербургтәи Аурыс балет Академиа ааӡамҭа, абалерина Кристина Ҷкотуаԥҳа алахәны.