Аԥсны анапхгареи ауаажәларреи иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит

1992 шықәса нанҳәа 14 рзы аихамҩа ахьчара мзызс иҟаҵаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет аруаа Аԥсны Аҳәынҭқарра иалалеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ирызку Аҟәатәи Ахьӡ-аԥша амемориал аҿы ашәҭшьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
Нанҳәа 14 Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз амш азы Аԥсны ауаажәларра иргәаладыршәоит Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа.
Аԥсны анапхгареи ауаажәларреи иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит
Ацеремониа иалахәын шәҩыла Аԥсны ауааԥсыра, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа, Аԥсны анапхгара, ахада Аслан Бжьаниа раԥхьа днаргыланы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәларреи. 
"Сахьаԥсыуаз азы срыпҟон": аибашьра раԥхьатәи амш иацу агәалашәарақәа
1992 шықәса нанҳәа 14 рзы аихамҩа ахьчара мзызс иҟаҵаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет аруаа Аԥсны Аҳәынҭқарра бџьаршьҭыхла иақәлеит. Аоперациа акодтә хьӡы аман - "Меч". Ари аҩыза аҭагылазаашьа анышьақәгыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аӡәк иеиԥш Аԥсадгьыл ахьчаразы игыларц.
Убас, ақырҭуа ар ахьааиз аԥсуа еибашьцәеи Нхыҵ Кавкази Алада Урыстәылеи рҟынтәи хәатәгәаԥхарала иҳадгыларц иааз ҳашьцәеи рҿагылеит. Аибашьра цон 413 мши ҵхи. Аибашьра хыркәшан Қырҭтәыла аҵахарала, Аԥсны аиааира агеит цәыббра 30 1993 шықәса рзы.