Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы COVID-19 злаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23554-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 19117-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 342-а.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 368-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 98-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 89 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 151-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 40-ҩык, ибжьаратәуп - 54-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 43-ҩык, урҭ рахьтә 11-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>