Аҟәа аиҳарак ӡрыжәтәда иаанхоит ашәахьа нанҳәа 16 рзы

Аӡы аанкылахоит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы знык ала еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа азы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Ашәахьа нанҳәа 16 рзы Аҟәа араионқәак ӡрыжәтәда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара.
Аӡы ҟалом асааҭ 00:00 инаркны 19:00 рҟынӡа Аедыгьаа рымҩа, авокзал араион, ВИЕМ, ақалақь агәы, аџьармыкьа араион, Турбаза.
Аҟәатәи "Аӡыканал" ишаанацҳауа ала, аӡы аанкылахоит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы знык ала еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа азы, ҷыдала иуҳәозар: Арӡынба имҩа (Ареспубликатә стадион азааигәара) ацрыҵцарҭа, Ҷоҷуа имҩа, 34 аҿы ацрыҵцарҭа, Баҭымтәи амҩаҿы ақәыӷәӷәаратә ӡымҩангага, Бубнова лымҩа, 31 аҿы ақәыӷәӷәаратә ӡымҩангага.