Арадио

Габилаиа еиҭеиҳәеит афымцалашара ахә ашәара ахьынӡаҽаԥсахыз атәы

Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габилаиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит афымцалашара ахә ашәаразы аҭагылазаашьа ахьынӡаҽаԥсахыз аҵыхәтәантәи амзақәа рзы.
Sputnik
Аслан Бжьаниа ԥхынгәымза алагамҭаз Очамчыра араион ахадараҟны имҩаԥигаз аилатәараҟны акыр ирџьбараны далацәажәеит афымцалашара ахәԥса ашәара иацу азҵаара. Ақыҭақәа рхадацәа рҭакԥхықәра ари аус аҟны еиҳа ирӷәӷәатәуп ҳәагьы азгәеиҭеит. Ҿҳәарас ирыиҭаз мызкы еиҳангьы иҵуеит уиижьҭеи. Аԥсны ахада иҟаиҵаз адҵа иаиума ахаҵгылара, афымцалашара ахә ашәаразы аҭагылазаашьа еиӷьхоу, мамзаргьы ԥсахрада иаанхо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габилаиа.
Шәазыӡырҩы аудио.