АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз хатәгәаԥхарала иааны иеибашьуаз ргәаладыршәеит, нанҳәа 15 Гәдоуҭа ақалақь аҟны. Абри атәы иҳәеит ақалақь аусбарҭа аусзуҩ Ҭемыр Шамба. Уи иажәақәа рыла аҿкчымазара алмарҵәаразы иалагалоу аԥкрақәа азгәаҭаны, аусмҩаԥгатә ауаа рацәа аламырхәӡакәан имҩаԥысит.
Гәдоуҭа игылоу хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, акыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Акаҩба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Гәдоуҭа ақалақь ахадареи аусбарҭа аусзуҩцәеи. Иара убас зхыԥхьаӡара рацәамыз Чеченәылантәии Нхыҵ Уаԥстәылантәии хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа.
1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқь инарыцны хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ иаԥсахеит. 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп. 623-ҩык "Агәымшәараз" амедал рыҭоуп. Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык.