Аӡхыҵреи ауаа рахыгареи: Аԥсны АҶА аӡы зҵалаз аҩнқәа рҟынтәи анхацәа шеиқәдырхоз

Нанҳәа 15-16 руыха Аҟәа ақәа ӷәӷәа леит. Аиҳарак ааха аиуит Турбаза араион, Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аӡы зҵалаз аҩнқәа рҟынтәи ауаа ахыргеит.
Sputnik
Нанҳәа 15-16 руыха Аҟәа илеиз ақәаршҩы иахҟьаны метраки бжаки рҟынӡа Басла шьҭыҵит. Аӡы рнылт: Ҷанба, Шьеглова, Шотландиатәи, Ашәхәаҵаа, Аконфедератцәа, Ак. Марр, Бегәа амҩақәа, Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны ААРи рыкәша-мыкәшеи.
Басла ақәаршҩы иахҟьаны аҭра иҭыҵит
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аӡы зҵалаз аҩнқәа рҟынтәи ауаа ахыргеит.
Аҵыхәтәантәи аамҭа аҩнуҵҟала хынтәуп абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоижьҭеи.
Ԥхынгәы 27 азы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа хыҵит, ааигәа-сигәа инхоз рыҩнқәа ирыҵалеит, Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони руааԥсыра ӡыда иҟан аӡыҭгагатә станциа ааха ахьаиуз азы.
Ԥхынгәы 4 азы иҟаз аԥшатлакәи иауз ақәаршҩи ареспублика араионқәа ааха ӷәӷәа рнаҭеит.