Амшцәгьа иахҟьаны Аҟәа ахәҭак лашарада иҟоуп

Аҟәа аӡиасқәа нанҳәа 15-16 руыхатәи ақәаршҩы иахҟьаны рыҭра иҭыҵит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амшцәгьа иахҟьаны Аҟәа ахәҭак лашарада иҟоуп  ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь афымцалашаратә хархәагақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
"Аҳабла ҿыц зегьы лашарада иҟан. Уажәы аиҳарак лашарала еиқәҳаршәахьеит, фидерк аремонт аанхеит. Ажәытә ҳаблаҿы 38-тәи афидер аанкылоуп, аӡы аҵоуп астанциа маҷ "Баслаҭа". "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа арыцқьаратә усурақәа ирҿуп. Ахәылбыҽха аусура иалаҳаргап ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит иара.
Уи адагьы ааха рыҭоуп  Ацҳа ҟаԥшь иахьаҵанакуа авольтҳарак цәаҳәақәа ҩба. Аусурақәа шьыбжьышьҭахь ихыркәшахар ауп.
"Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура адыррала уажәазы Аҟәа агәы, Аҳабла ҿыц ахәҭак, Алашарбага аҳабла лашарада иҟоуп.
Аԥсны АҶА апресс-маҵзура адыррала ҭыԥқәак рҿы метраки бжаки аӡы шьҭыҵит. Аӡы рнылт: Ҷанба, Шьчеглова, Шотландиатәи, Ашәхәаҵаа, Аконфедератцәа, Ак. Марр, Бегәа амҩақәа, Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны ААРи  рыкәша-мыкәшеи.