Хҩык акоронавирус злаз ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23651-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 19207-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 345-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 391-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 97-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ҩымш рыла рыԥсҭазаара илаҵит хҩык: 76 шықәсеи, 78 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа аҳәсеи, 83 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 143-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 36-ҩык, ибжьаратәуп - 46-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 20-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 43-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>