Ешба еиҭеиҳәеит амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭеи уи аԥырхраз имҩаԥысуа аусурақәеи ртәы

Нанҳәа 16 ауха иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны рыҭра иҭыҵит аӡиасқәа Басла, Гарекәара, Сухумка. Аҟәа ахәҭак лашарадеи ӡыдеи иаанхеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Нанҳәа 15 - 16 рзы Аҟәа илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа аԥхасҭа ҟанаҵеит ақалақь агәы, Турбаза, Ҷанба имҩа, Заречнаиа, Титова амҩақәа рыҟны, ҳәа еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.
"Иҟоу аԥхасҭа ахәшьара уадаҩуп. Уаанӡа ариаҟара агәами алыкьи ақалақь иаланамгалацызт. Аиҳарак ааха аиуит Ҷанба имҩаду. Уа аҩнқәа аҩбатәи аихагылаҟынӡа аӡы ахьрыҵалаз ыҟоуп. Иҟоуп аҭаацәарақәа ҩнымаҭәала аԥхасҭа зауыз", - иҳәеит иара.
Басла ақәаршҩы иахҟьаны аҭра иҭыҵит
Аԥхасҭа аԥарахшәаара мҩаԥгахоит, аха макьаназы ашәҟәқәа Аминистрцәа реилазаараҿы иаԥҵоу акомиссиахь инашьҭхоит.
Ешба иазгәеиҭеит ԥхынгәы 27 азы иҟаз амшцәгьаан 44 ҩны ааха шроуз, уажәы ҩынтәны ишеиҳау. Акоммуналтә маҵзурақәа, АҶА аусзуҩцәа, Атәылахьчара аминистрра аруаа иаразнак ақалақь аилыргара иалагеит. Турбаза, аҩнусбарҭа №1 аҟны иаԥҵоуп аусурақәа ирхылаԥшуа аоперативтә штаб.
Раԥхьа иргыланы ауаа рынхарҭақәа ирыцхраатәуп, анаҩс амҩақәа, амшын аҟәара рыцқьатәуп.
Ешба иҳәеит азҵаара аӡбразы Баслеи егьырҭ ақалақь иалсуа аӡыҷҷақәеи рҟәарақәа шырӷәӷәатәу.
"Зегь раасҭа аԥхасҭа ҟазҵо Басла ауп. Ақәа шлеизашәа ихыҵуеит, уаанӡатәи аҟәара арӷәӷәарҭақәа бгоуп. Адамба ҿыцқәа ргылатәуп, избанзар аӡышьҭра аҽеиҭанакхьеит", - иҳәеит Ешба.
Аҟәа аӡы илагылоуп: аҳҭнықалақь аҟны илеиз ақәаршҩы ахҟьаԥҟьақәа
Иара убас иазгәеиҭеит, Басла аамҭа-аамҭала ишрыцқьалатәу. Ешба иажәақәа рыла ари аус аганахь ала аплан рхиоуп, апроект-сметатә шәҟәы азыҟарҵоит.
Аҵыхәтәантәи аамҭа аҩнуҵҟала хынтәуп абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоижьҭеи.
Ԥхынгәы 27 азы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа хыҵит, ааигәа-сигәа инхоз рыҩнқәа ирыҵалеит, Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони руааԥсыра ӡыда иҟан аӡыҭгагатә станциа ааха ахьаиуз азы.
Ԥхынгәы 4 азы иҟалаз аԥшатлакәи ақәаршҩи ареспублика араионқәа ааха ӷәӷәа рнаҭеит.