Аԥсны АҶА Хьымса ахыҵырҭаҟынтә атуристцәа лбааргеит

Хьымса ахыҵырҭа иуадаҩу, ишәарҭоу ҳәа иԥхьаӡоу мҩоуп, Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ари атуристтә маршрут мап шацәыркуагьы, аԥсшьаҩцәа рыбжьара азҿлымҳара амоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа Хьымса ахыҵырҭаҟынтә Ми-2 авертолиотла зшьапқәа ԥҵәаз ҩыџьа атуристцәа лбааргеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аԥсшьаҩцәа Денис Трунови Варвара Разинеи ареспубликатә хәшәтәырҭахь инаган нанҳәа 17 рзы, ашьыжь.
Урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ иалан 14-ҩык, дара Хьымса рыԥсы ршьон ҩымчыбжь. Атуристцәа аԥснытәи аиқәырхаҩцәа рахь адырра ҟарҵеит ааха зауз рҩызцәа ацхыраара рырҭарц.
Ари аԥхынра иалагӡаны Хьымса ахыҵырҭа аҟнытә рылбаагаразы ацхыраара зҭаххаз атуристцәа ахԥатәи ргәыԥ ауп.