Аԥсны COVID-19 зланы зыԥсҭазаара иалҵыз 350-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23813-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 19385-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 350-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 528-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 162-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хәҩык: 65 шықәсеи, 72 шықәсеи, 89 шықәсеи зхыҵуаз хҩык аҳәсеи, 60 шықәсеи, 73 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа ахацәеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 130-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 41-ы.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 34-ҩык, урҭ рахьтә жәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 19-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 39-ҩык, урҭ рахьтә 11-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>