Аԥсны иалагалоу афымцалашара арцәара аграфик аамҭа ԥсахуп нанҳәа 18 рзы

Аԥхынра афымцалашара ахархәара иахьеизҳаз иахҟьаны Аԥсны уахынла ҩ-сааҭк афымцалашара арцәара иалагеит рашәара 28 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik. Афымцацәаҳәа "Аҽгәара" аҟны имҩаԥырго арыцқьаратә усурақәа ирыхҟьаны нанҳәа 18 рзы, асааҭ 05:00 инаркны 07:00 рҟынӡа афымца анашьҭра аанкылахоит, абри азы адырра ҟанаҵоит "Амшынеиқәафымцамч".
Иалагалоу афымцалашара арцәара аграфик аамҭа ԥсахуп. Иарбоу аамҭазы Аԥсны зегьы лашарада иаанхоит.
Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара амчхара азымхара иахҟьаны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит рашәара 28 инаркны. Аграфик инақәыршәаны алашара дырцәоит уахынла ҩ-сааҭк.
Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара есышықәса аизҳара иаҿуп. "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла сынтәатәи арбагақәа акырӡа еиҳауп ҵыԥхтәи аԥхынра арбагақәа раасҭа.