Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьар ҭазгалоз даанкылоуп

Иаанкылоу ауаҩы Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҟынтә Аԥсныҟа закәаншьаҭада анаркотикқәа алеигалон ҳәа агәызҩара ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны ААР закәаншьаҭада анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭеи Аԥсны АШәМеи русзуҩцәа нанҳәа 11 рзы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы дааныркылеит, ареспубликахь закәаншьаҭада анаркотикқәа ралагалара зҽазызшәоз ахаҵа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.
Иаанкылоу Шьынқәба Витали Шамил-иԥа, 1965 шықәсазы ииз игәаҭараан идбалан 2,439 грамм иҟаз анаркотикатә маҭәашьар метадон.
Шьынқәба иганахь ала Ашәарҭадаратә маҵзура ашьаус хацнаркит закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар алагалареи аҵәахреи рыхәҭаҷ инақәыршәаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: