Арадио

Џьапуа ацхыраара лас аусуразы: ачымазцәа ирыцлеит, аха ҳара ҳхыԥхьаӡара иазымҳаит

Аҿкчымазара џьаргьы ицом, уимоу, алеишәа амырцәгьозар еиӷьхом. Ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа амедицинатә усзуҩцәа русура атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Sputnik
"Ҳусура ишацлаз азгәаҳамҭар ауӡом, ҩынтә раҟара еиҳахеит ааԥхьарақәа иҳауа, ацхыраара лас зҭаху ауаа. Ҳусура шымҩаԥаагац ҳаҿуп, ачымазцәа рхыԥхьаӡара иацлеит, аха ҳара ҳхыԥхьаӡара иазымҳаӡеит. Ажәлар рахь изныкымкәа аҳәара ҟаҳҵахьеит, ҩаԥхьа исҳәар сҭахуп хәыҷык рхы еиҷаҳаларц, аҿкчымазара аԥырҟәҟәаразы иҟоу аԥҟарақәа ирықәныҟәарц",- иҳәеит Џьапуа.
Инарҭбаау аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.