Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ԥшьҩык ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23948-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 19408-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 354-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 18 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 481-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 135-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ԥшьҩык: 91, 67 шықәса зхыҵуа ахацәеи, 52, 88 шықәса зхыҵуа аҳәсеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 122-а, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 35-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 34-ҩык, урҭ рахьтә жәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 14-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 42-а, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>