Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Какәбаа анапы асахьа змоу Тҟәарчал аргыламҭа ҿыц иазкны

Анаплакҩы Арлан Какәбаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Тҟәарчал зыргылара цо анапы асахьа змоу атуристтә обиект ҿыц атәы.
Sputnik
Какәбаа иажәақәа рыла, аобиект Лашькьындар ашьха унаӡаанӡа иргылоуп. Уаҟа иҳаракыроуп бааԥсыла, ауаҩы данхалалак, игәы нҭыԥсаауа иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит иара аиҿцәажәараҿы.
"Ари аԥсшьаҩцәа здызкыло обиектны иҟоуп, баҟаӡам, убри инаҵшьны иазгәаҭатәуп. Ари аҭыԥ аҿы аԥсшьаҩцәа халаны ашәаԥыџьаԥ ԥшӡа иагәылакны ақалақь иалаԥшуеит. Аргылара аҟынтә иаанаго аԥара 10% араион аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рассоциациа ахь ицалоит. Аргылара аганахь иҟалоит атарзанка ҳәа изышьҭоу. Аԥсшьаҩцәа 300-400 метра иахьынҳаланы ицалоит хланҵы. Арԥшӡаразы макьана аусурақәа цоит, аԥшра цәгьоуп ҳәа зҳәогьы дубап, аха макьана аргылара нагӡам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какәбаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.