https://sputnik-abkhazia.info/20210818/Raionk-asazaaraynt-Kakbaa-anapy-asakha-zmou-Tarchal-argylama-yts-iazkny-1033062215.html
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Какәбаа анапы асахьа змоу Тҟәарчал аргыламҭа ҿыц иазкны
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Какәбаа анапы асахьа змоу Тҟәарчал аргыламҭа ҿыц иазкны
Sputnik Аҧсны
Анаплакҩы Арлан Какәбаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Тҟәарчал зыргылара цо анапы асахьа змоу атуристтә обиект ҿыц атәы. 18.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-18T20:45+0300
2021-08-18T20:45+0300
2021-08-20T13:23+0300
аԥсны
арадио
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/12/1033062602_0:51:2520:1475_1920x0_80_0_0_bff6cd8b97c5c45f9756300a124433e1.jpg
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Какәбаа Тҟәарчал анапы асахьа змоу аргыламҭа ҿыц иазкны
Sputnik Аҧсны
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Какәбаа Тҟәарчал анапы асахьа змоу аргыламҭа ҿыц иазкны
Какәбаа иажәақәа рыла, аобиект Лашькьындар ашьха унаӡаанӡа иргылоуп. Уаҟа иҳаракыроуп бааԥсыла, ауаҩы данхалалак, игәы нҭыԥсаауа иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит иара аиҿцәажәараҿы."Ари аԥсшьаҩцәа здызкыло обиектны иҟоуп, баҟаӡам, убри инаҵшьны иазгәаҭатәуп. Ари аҭыԥ аҿы аԥсшьаҩцәа халаны ашәаԥыџьаԥ ԥшӡа иагәылакны ақалақь иалаԥшуеит. Аргылара аҟынтә иаанаго аԥара 10% араион аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рассоциациа ахь ицалоит. Аргылара аганахь иҟалоит атарзанка ҳәа изышьҭоу. Аԥсшьаҩцәа 300-400 метра иахьынҳаланы ицалоит хланҵы. Арԥшӡаразы макьана аусурақәа цоит, аԥшра цәгьоуп ҳәа зҳәогьы дубап, аха макьана аргылара нагӡам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какәбаа.Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/12/1033062602_0:0:2520:1585_1920x0_80_0_0_4d0a9aaecf5110c5ab934df4c5ec243c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Какәбаа анапы асахьа змоу Тҟәарчал аргыламҭа ҿыц иазкны
20:45 18.08.2021 (ирҿыцуп: 13:23 20.08.2021) Анаплакҩы Арлан Какәбаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Тҟәарчал зыргылара цо анапы асахьа змоу атуристтә обиект ҿыц атәы.
Какәбаа иажәақәа рыла, аобиект Лашькьындар ашьха унаӡаанӡа иргылоуп. Уаҟа иҳаракыроуп бааԥсыла, ауаҩы данхалалак, игәы нҭыԥсаауа иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит иара аиҿцәажәараҿы.
"Ари аԥсшьаҩцәа здызкыло обиектны иҟоуп, баҟаӡам, убри инаҵшьны иазгәаҭатәуп. Ари аҭыԥ аҿы аԥсшьаҩцәа халаны ашәаԥыџьаԥ ԥшӡа иагәылакны ақалақь иалаԥшуеит. Аргылара аҟынтә иаанаго аԥара 10% араион аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рассоциациа ахь ицалоит. Аргылара аганахь иҟалоит атарзанка ҳәа изышьҭоу. Аԥсшьаҩцәа 300-400 метра иахьынҳаланы ицалоит хланҵы. Арԥшӡаразы макьана аусурақәа цоит, аԥшра цәгьоуп ҳәа зҳәогьы дубап, аха макьана аргылара нагӡам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какәбаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.