АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра Аԥсны ақыҭанхамҩа Аинститут ианаҭеит 50 ак атехника: атрактор маҷқәа, ацәеихақәа, агидравликатә цраҳәақәа, акультиваторқәа ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр иажәақәа рыла, атехникатә хархәагақәеи амашьынақәеи рсиа уаанӡа ишьақәырӷәӷәан.
Урыстәылатәи аган аҭыжьыҩцәа рҿы атехника ҿанаҵеит, иҟоуп ҷыдала еибыҭазгьы. Шәача атехника анеибырҭа ашьҭахь Аԥсныҟа ииаган.
Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра аделегациа мышктәи аусутә визит ала Аԥсны иҟоуп. Ара урҭ идикылеит аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Анқәаб ҭабуп ҳәа реиҳәеит аминистрра ахаҭарнакцәа, иазгәеиҭеит атәылақәа рыҩба реинырра ишалнаршо азҵаарақәа жәпакы рыӡбара.
Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнак Роман Некрасов иҳәеит аԥснытәи аган аус ацура ҷыдала дшахылаԥшуа аминистр Дмитри Патрушев.
"Аԥснытәи агани ҳареи еицаҳаӡбеит апитомникааӡара адгылара аҳҭарц. Ареспубликаҿ алшамҭа дуқәа ыҟоуп ацитрусқәа рааӡаразы. Аԥснытәи аҵарауааи ҳареи ҳгәаанагарала, Аԥсны шықәсык аҩнуҵҟа миллионк аиҭаҳатә аарыххар ҟалоит", - иҳәеит Некрасов.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: