АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа Беслан Ешба аҳҭнықалақь ахадас дшьақәдырӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
Аилатәара иалахәын атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниеи Беслан Ешба ихаҭеи.
Кәыҵниа Аԥсны ахада ишәҟәы даԥхьеит, иагьиҳәеит Беслан Ешба шықәсык иназынаԥшуа ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡараан лҵшәа бзиала анапхгара шилшоз ааирԥшит ҳәа.
Ешба икандидатура аганахьала адепутатцәа зҵаара рымамызт, дара злацәажәаз ралхыҩцәа рыпроблемақәа роуп, иара убасгьы иазҵааит ааигәатәи аӡхыҵрақәа раан аԥхасҭа зауз ауаа цхыраашьас ирыҭахо.
Беслан Ешба иҳәеит уажәазы Басла аӡы адамба аҭараз апроект-сметатә документациа аус шадыруло. Иара иажәақәа рыла, ари зыхә дуу проектуп, аиҳабыра рыцхыраарада ақалақь абиуџьет иалшом.
Анаҩс маӡалатәи абжьыҭараан Беслан Ешба икандидатура Аҟәа ахада ҳәа ишьақәырӷәӷәан.
Ешба адепутатцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит ирҭаз агәрагаразы, иагьазгәеиҭеит уи шҭакԥхықәра дуу.