Аԥсны АҶА зхабар ыҟам Казантәи атурист иԥшаара иаҿуп

Атурист дыӡит Гагра араион аҵакыраҿы, абри азы адырра ҟаҵан нанҳәа 18 асааҭ 19:45 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа зхабар ыҟам 2006 шықәсазы ииз Казантәи атурист Камил Фаттахов иԥшаара иаҿуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥшаарақәа ирылагеит нанҳәа 18 рзы. Аҷаԥшьаҩ иахь адырра ҟаҵан асааҭ 19:45 рзы.
Атурист дыӡит Ҳашԥсытәи аиҩхаа иахьаҵанакуа.
Аԥшаарақәа мҩаԥыргоит Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥи, алақәа рыла иԥшаауа агәыԥи, Гагра араион амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥи русзуҩцәа.