Аԥсны COVID-19 злаз хҩык рыԥсҭазаара иалҵит, даҽа 119-ҩык ҿыц ирыдырбалеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 24067-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 19408-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 357-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 488-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 119-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык: 90 шықәса зхыҵуа ахаҵеи 43, 74 шықәса зхыҵуа аҳәсеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 126-а, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 39-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 38-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 14-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 45-ҩык, урҭ рахьтә 11-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>