АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Зқьи жәибыжьҩык алаҵа "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит Аԥсны нанҳәа 10 раахыс ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Дамеи Касланӡиа.
"Раионла уалацәажәозар, Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рҟны 589 лаҵа ҟаҵоуп, Очамчыра араион аҿы – 64, Тҟәарчал араион аҿы – 24, Гал араион аҿы – 13, Гәылрыԥшь араион аҿы – 131, Гагра араион аҿы – 166, Гәдоуҭа араион аҿы – 30", - иҳәеит иара.
Алаҵа ҟазҵар зҭаху араионқәа руааԥсыра аҭыԥантәи ахәышәтәырҭақәа рҟны алаҵаҟаҵара аҭыԥқәа ахьаарту асиа ианырҵарц адырра рырҭоит. Нас арҭ аусбарҭақәа аминистррахь асиақәа аарышьҭуеит. Адырҩаҽны аминистрра асиақәа ирықәыршәаны алаҵа араионқәа рахь инанашьҭуеит.
"Ари аҩыза апроцедура зыҟоу иҵаау алаҵа знызаҵәык ауп арԥсасира анауа", - ҳәа иҳәеит Касланӡиа.
Иара иазгәеиҭеит афымцалашаратә еиԥҟьарақәа "Спутник Лайт" аҵәахра анырра шанамҭо.
"Тҟәарчал инхо ауаҩы имоуп азин Аҟәа алаҵа ҟаиҵарц, ма Гагра инхо – Гәдоуҭа иҟаиҵарц. Иахьазы 4 000 доза рҟынӡа аанханы иҟоуп", - ҳәа иҳәеит Дамеи Касланӡиа.
"Спутник V" актәи апартиа 4000 доза 6,9 миллион мааҭ ҳәа иаахәан 2021 шықәса мшаԥымзазы. Даҽа 2500 доза агуманитартә цхыраара ҳәа Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭит.
Алаҵа "Спутник Лайт" хә-нызқь доза Аԥсныҟа иааган нанҳәа 6 рзы. Ари апартиа аахәареи Аԥсныҟа аашьҭра аиҿкаареи ихахьы игеит Москватәи Аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба.
Лаҵарамза алагамҭазы еилкаахеит акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы ишҭаргалаз. Иара ауаҩытәыҩса 85% ихьчара алшоит.
Ареспубликаҿы алаҵа ҟарҵахьеит 7 500-ҩык инареиҳаны. Урҭ рҟынтәи 6500-ҩык "Спутник V" ҟарҵеит, 1017-ҩык компонентк злоу "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит.