Хатәгәаԥхарала еибашьуази адиаспора рхаҭарнакцәеи Аԥсны иҭарыҩлоит

Аԥсны атәылауаа рҭаҩразы Аԥҟара ахарҭәаарақәа алагалоуп 2021 шықәса нанҳәа 12 рзы атәыла ахада инапы зҵеиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны ареспубликаҿы 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәызи рҭаацәарақәа рлахәылацәеи атәыла анҭыҵ инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҭаҩра аԥҟара еиҭакуп.
Абри азы аусԥҟа кьыԥхьуп Аԥсны ахада исаит аҿы.
Адокумент инақәыршәаны аҳәынҭқарратәи ахатәтәи нхаратә фонд анхарҭақәа рҿы нанҳәа 12 инаркны анхашьа анормақәа ирхьмырԥшкәа иҭарыҩуеит:
Аусԥҟаҿы иазгәаҭоуп аԥсахрақәа шрыдкыло аԥсуа (абаза) диаспореи хатәгәаԥхарала еибашьуази рганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика Аконцепциа инақәыршәаны.
Нанҳәа 10 рзы Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны атәылауаа, иааиԥмырҟьаӡакәа атәыла анҭыҵ инхо абазақәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, арепатриантцәа рҭаҩра азҵаарақәа ирызкны.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵалеи абазатә еилазаара иҟарҵаз ааԥхьареи инарықәыршәаны административтә ԥкрақәа реиҵатәразы арҭ атәылауаҩратә гәыԥқәа Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа рҭаҩразы азинтә ҭышәынтәалара азҵаара иахәаԥшын.