Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтә амашьынақәа закәанда ралгара асхема аадырԥшит

Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаак еиҿыркааит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада амашьынақәа анаҩс рыҭиразы ралгара асхема.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аладатәи аоперативтә ҳазалхырҭеи Урыстәыла ААМ аконтрабанда аҿагылараз Аусбарҭа хадеи иаԥдырҟәҟәааит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаанырцә автомашьынақәа закәаншьаҭада риагара ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭа аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҳазалхыҩцәа еилыркааит изакәанмыз асхема аусура еиҿызкааз Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаа ргәыԥ шракәу.
"Ацәгьоуцәа иапониатәи аукционқәа рҿы аҳәаанырцә машьынақәа аархәон, Урыстәыла аҵакыраҿ иҟоу аԥсуа еиҿкаарақәа иртәушәа Урыстәылаҟа иааргон. Атранспорт зтәыз аусзуҩцәа рышәҟәқәа рыцын афирма аус азы рхы иадырхәозшәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Убас, аахәаҩ идгалан Урыстәыла аҵакыраҿы аҳазалхратә шәарақәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуп ҳәа адокумент ԥаршеи зцыз 2004 шықәсазы иҭыҵыз, автомашьына Dodge Magnum.
Аҳазалхратә шәарақәа аҽрыцәхьакраз ахәҭаҷ инақәыршәаны ашьаус хацыркуп. Ишәам аҳазалхратә шәарақәа Dodge Magnum алагаларазы 2,7 миллион мааҭ дыртәоит.
Аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.