Арепатриациа афонд аимҵәаразы агәҩара ззыҟоу иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацырҵеит

Ашьаус хацыркуп Арепатриациазы аҳәынҭеилакы уаанӡатәи аиҳабы Беслан Дбар, ИАЕ "РемСтрой2012" адиректор Амиран Лакербаиа, арепатриациа Афонд атехникатә хылаԥшразы анџьныр Денис Ақаҩба рганахьала.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Денис Ақаҩба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит даҽа ҩымз, 2021 шықәса жьҭаара 21 рзынӡа. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Арепатриациа афонд аԥарақәа реимҵәаразы аус иалаҟьашьу аҩнытә баандаҩра иқәырҵеит
Ари аус иалаҟьашьуп ҳәа ахара рыдырҵоит ИАЕ "РемСтрой2012" аиҳабы Амиран Лакербаиеи уаанӡатәи аминистр Беслан Дбари.
Заанаҵтәи аусҭҵаара адыррақәа рыла, ИАЕ "РемСтрой2012" аиҳабы Амиран Лакербаиеи Арепатриациазы афонд атехникатә хылаԥшразы анџьныр Денис Ақаҩбеи, уаанӡатәи аминистр Беслан Дбари харас ирыдырҵоит рҽеидкыланы, заа еибыҳәаны Арепатриациа иатәу аԥара рацәаны иргеит ҳәа – зеиԥшла 25 296 598 мааҭ.
Беслан Дбар иԥшаара рылаҳәан мшаԥы 23 рзы, Лакербаиа дырбаандаҩын цәыббра 13 рзы.