Аԥсны 2021 шықәса актәи азбжазы заҟаҩ ахәыҷқәа ииз рҳәеит

2020 шықәса иара абри аамҭазы иит 668-ҩык ахәыҷқәа ҳәа азгәанаҭоит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. 2021 шықәса иалагазар Аԥсны иит 611-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык ԥсны иит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура "Аԥсныпресс".
2020 шықәса иара абри аамҭазы иит 668-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рҟынтәи фҩык ԥсны иит ҳәа азгәанаҭоит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Ажьырныҳәа инаркны ԥхынгәымзанӡа 290-ҩык аӡӷабцәеи 321-ҩык аҷкәынцәеи иит.
2020 шықәса абри аамҭазы 352-ҩык аҷкәынцәеи 316-ҩык аӡӷабцәеи иит. Урҭ рҟынтәи аԥсуаа - 425-ҩык, аурысцәа – 50-ҩык, аерманцәа – 74-ҩык, ақырҭцәа – 84-ҩык, егьырҭ амилаҭқәа – 35-ҩык.