Аԥснытәи аномерқәа зықәгылаз амашьына закәанда Урыстәыла иалыргарц рҽазыршәон

Краснодартәи аҳазалхырҭа лассы-лассы иԥнакуеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟынтә аҳәаанырцә транспорт закәаншьаҭада Урыстәыла алагалара.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны иҭаҩу автомашьына "Мерседес Бенц GL500" аанкылан аҳазалхырҭатә ҭыԥ Адлер аҿы Урыстәыла ианалҵуаз. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿы амаҵзура.
Автомашьына уаанӡа Урыстәыла иаларгалахьан аидарақәа, апассаџьырцәа, абагаж рымҩангаразы жәларбжьаратәи атранспорттә хархәага ҳәа.
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтә амашьынақәа закәанда ралгара асхема аадырԥшит
Атранспорттә хархәага агәаҭараан ишьақәыргылан амашьына адокумент ԥаршеиқәа рыла ишымҩаныргоз: апассаџьырцәа рымҩангаразы амаҵзура азин азҭо аиқәшаҳаҭра ԥаршеин.
Амашьына Урыстәыла иалгамызт иахәҭаз аҳазалхратә ҿҳәарала.
Иара убасгьы еилкаахеит автомашьына аамҭала Урыстәыла ишалагалаз, Краснодартәи атәылаҿацә аҿы алагалара ахықәкы иақәымшәо аҩнуҵҟатә мҩангарақәа шымҩаԥнагоз.
Абри аганахьала административтә зинеилагара ҳәа аусҭҵаара хацыркуп.
Ашықәс иалагазар Краснодартәи аҳазалхырҭаҿ иаԥдырҟәҟәаахьеит Аԥснынтә Урыстәылаҟа закәаншьаҭада автомашьынақәа: МЕРСЕДЕС БЕНЦ С220, LEXUS IS-220, NISSAN TEANA ралагалара.
Дара Интерпол аинформациатә базала жәларбжьаратәи ашьҭазаара рымоуп. Амашьынақәа зегьы изтәу ирымхны Шәача ААР аҿы иргылоуп.