Аҳәынҭстатистикаҿы 2021 шықәса нанҳәамзазы ахныҟәгаратә минимум заҟароу рҳәеит

2020 шықәсазтәи абри аамҭа иаҿырԥшны Аԥсны ауаҩԥсы ахныҟәгаразы изхаша 13,3% рыла еиҳахеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. 2021 шықәса нанҳәа 1 азтәи арбагала Аԥсны аӡәы ихныҟәгаразы хымԥада иҭахуп 8025,3 мааҭ ҳәа аҩуеит амаҵзура Аԥсныпресс астатистикатә усбарҭа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Арахь иаҵанакуеит:
2020 шықәсазтәи абри аамҭа иаҿырԥшны анхаралшара иазхаша 13,3% еиҳахеит.
Ахархәаратә хәԥсақәеи атарифқәеи риндекс 2021 шықәса иалагазар 103,8% итәоит, афатәаалыҵ иаҵанамкуа атауарқәа – 105,0%, афатәаалыҵ тауарқәа – 105,8%, зыхә ршәо амаҵзурақәа – 102,4%.