Салыбеи Арӡынба ихьӡ зху аԥкьаҭасразы атурнир мҩаԥысит Аҟәа

Атурнир иалахәын 50-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи. Аиааиҩцәа алыркаауан еиуеиԥшым ақәратә категориақәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 20 – Sputnik. Аԥсны афырхаҵа, Аԥсны аԥкьаҭасратә федерациа раԥхьатәи ахада Салыбеи Арӡынба игәалашәара иазкыз Аԥкьаҭасразы ареспубликатә турнир хыркәшахеит нанҳәа 19 рзы Аҟәа. Абри атәы аарыцҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аилак аҟынтә.
Аашықәса рҟынӡа зхыҵуаз аицлабра алахәылацәа рҟынтәи аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ никылеит Нестор Цужба, аҩбатәи - Лионель Қриа, ахԥатәи - Омар Коӷониа, аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ нылкылеит Софиа Ҭарԥҳа, аҩбатәи - Арина Ҷыҭанааԥҳа, ахԥатәи - Амра Кәыҵниаԥҳа.
Аҟәа имҩаԥысит аԥкьаҭымпыл азы ахәыҷқәа рчемпионат
9-10 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Сабри Нанба, аҩбатәи - Нестор Цужба, ахԥатәи - Альберт Аветисиан, аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Софиа Каракасиди, аҩбатәи – Даниелла Гәымԥҳа, ахԥатәи - Валериа Емексузиан.
13 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ никылеит Сабри Нанба, аҩбатәи – Нестор Цужба, ахԥатәи – Осман Џьопуа, аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ нылкылеит Софиа Каракасиди, аҩбатәи –Ева Беденашвили, ахԥатәи – Даниелла Гәымԥҳа.
17 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Роберт Дилениан, аҩбатәи - Андреи Дилениан, аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Софиа Агәмааԥҳа, аҩбатәи - Николь Џьуӷьелиаԥҳа, ахԥатәи – Валериа Џьынџьалԥҳа.
Аиааира згаз аҳаҭыртә шәҟәқәа, амедалқәа, ахраҿақәа ранашьоуп.
Аԥыжәаратә ҭыԥқәа нызкылаз аспортсменцәа Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбази Шәача ақалақь Аспорттә қәԥара афедерациа ахада, амеценат Рубен Татулиани рыхьӡала аԥқьаҭмпылқәа ранашьан.
Иара убасгьы аспортсменцәа Салыбеи Арӡынба иҭаацәа рыхьӡала аҳамҭақәа ранашьан. Ареспубликатә ԥқьаҭасратә школ адиректор Елизабет Акуциа атурнир алахәылацәа дрыдныҳәалеит.
"Атурнир ахыркәшара шәыдысныҳәалоит. Агәахәара ду ҳамоуп: аилахәыра "Tecnifibre" иаӡбеит аԥсуа спортсмен Нестор Цужба титултә партниорс изыҟаларц", - ҳәа лҳәеит лара, аилахәыра ахьӡалагьы аспортсмен инапаҿы илыркит ампылмҳаԥ. "Tecnifibre" аҟынтәи аҳамҭақәа рыҭан атурнир алахәылацәа зегьы.
Салыбеи Арӡынба (Ака), Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Аԥсны Афырхаҵа, ауаажәларратә еиҿкаара "Амцахара" ашьаҭаркҩы. Аибашьра анеилга ашьҭахь Аҟәа раԥхьатәи арратә комендант.
2003 шықәса жәабран 3 рзы Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба Москва дҭархан.