"Спутник V" аштамм "дельта" азы амодификациа азуп

Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара агәра ганы иҟоуп акоронавирус аҟынтәи алаҵа аштамм "дельта" аан хәарҭара шалазаауа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Гамалеи ихьӡ зху ацентр аҿы алаҵа "Спутник V" акоронавирустә штамм "дельта" азы амодификациа азыруит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит адиректор Александр Гинцбург.
Ацентр аусзуҩцәа аус адырулеит алаҵа авариант ҿыц аконструкциа. Аха макьаназы изаауп иара храс иамоу атәы аҳәара ҳәа азгәеиҭеит Гинцбург.
Уаанӡа Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Сумиа Сваминатан илҳәахьан аштамм "дельта" аҿагыларазы алаҵаҟаҵара акыршаҵанакуа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Роспотребнадзор аҿы аштамм "дельта" азы азҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит
"Дельта"-штамм ҩынтәны еиҳа иҿкуп иаабац авирус аасҭа ҳәа рҳәоит ВОЗ аҿы